Ашьапылампыл | Қырҭтәыла амилаҭтә аизга абҵаразы имҩаҧысраны иҟоу ахәмаррақәа рзы аҽазыҟаҵара иалагеит #1TVSPORT
Ашьапылампыл | Қырҭтәыла амилаҭтә аизга абҵаразы имҩаҧысраны иҟоу ахәмаррақәа рзы аҽазыҟаҵара иалагеит #1TVSPORT

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә аизга Адунеи ачемпионат алхратә етап аматчқәа рзы Қарҭ аҽазыҟаҵара иалагеит.

Абҵара 15 асааҭ 21:00 рзы  „Динамо аренаҿ“  Қырҭтәыла аизга Испаниа аизга иацлабуеит. Абҵара 18 рзы, Софиа, аболгарцәа ирҧылоит. Аматчқәа рыҩбагьы ишиашо ицо аефираҿ жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Атравмақәа рымшала Қырҭтәыла аизга изацхраауам Гьаргь Миқаутаӡеи  („Вилиарел“, Испаниа) Оҭар Какабаӡеи  („Краковиа“, Польша). Урҭ рцынхәрас ихәмаруеит Гьаргь Қвилитаиеи  („Ариси“, Кипр) Шоҭа Ноникашвилии („Чекрас“, Украина).