Ареспублика ашҭаҿы, иаарту ақәыҧшылараҿ, ашьапылампылтә матч арбара мҩаҧгахоит, уи инамаданы, ари араионаҿ атранспорт аамҭала изеиҭаҵуам
Ареспублика ашҭаҿы, иаарту ақәыҧшылараҿ, ашьапылампылтә матч арбара мҩаҧгахоит, уи инамаданы, ари араионаҿ атранспорт аамҭала изеиҭаҵуам

Хәажәкыра 20 рзы, ақырҭуа азгәыбылҩцәа рзы, Раҧхьатәи ареспубблика ашҭаҿы, ашьапылампылтә матч Шәамахьтәыла-Қырҭтәыла арбара мҩаҧгахоит. Ари аусмҩаҧгатә еиҿыркааит Қарҭ ахадареи Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы афедерациеи.

Қарҭ ахадара аҟынтә ишаарыцҳаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аусмҩаҧгатә инамаданы, ари араионаҿ атранспорт аамҭала изеиҭаҵуам. Атранспорт аиҭаҵра аанкылахоит хәажәкыра  20 асааҭ  00:30 инаркны хәажәкыра 21 асааҭ  14:00-нӡа.

Қырҭтәыла аизга УЕФА Амилаҭқәа рлига плеи-офф аматч мҩаҧнагоит Ереван, хәажәкыра 20 рзы. Ахәмарра иалагоит асааҭ  21:00 рзы.