Амилаҭқәа рлига плеи-офф | Қырҭтәыла аизга Ереван иаҭааит #1TVSPORT
Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизга Ереван иаҭааит, хәажәкыра 20 асааҭ 21:00 рзы уаҟа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизгақәа рматч мҩаҧысуеит. Ишиашоу ицо атранслиациа шәахәаҧшыр шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.
Иахьа асааҭ 18:00 рзы ақырҭуа ашьапылампыласҩцәа еревантәи астадионаҿ аҽазыҟаҵара мҩаҧыргоит, уаанӡа, асааҭ 17:30 рзы Қырҭтәыла аизга азыҟаҵаҩ хада Вилли Саниоль апресс-конференциа мҩаҧигоит.