Иахьа Қырҭтәыла аизга Болгариа иацлабуеит  — ишиашо ицо атранслиациа Актәи аканалаҿ
Иахьа Қырҭтәыла аизга Болгариа иацлабуеит  — ишиашо ицо атранслиациа Актәи аканалаҿ

Иахьа ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизга  Адунеи ачемпионат алхратә етап аҵыхәтәантәи аматч мҩаҧнагоит. Қырҭтәылеи Болгариеи реизгақәа Софиа еиҧылоит. Асааҭ  23:45 рзы иалаго аматч жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

1994 шықәса инаркны Қырҭтәылеи Болгариеи реизгақәа жәынтә еиҧылахьеит. Аханатә Болгариа аҧыжәара аман, аха, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла аизга алҵшәақәа еиҕьхеит.

Ақырҭуа ахәмарҩцәа хынтә аиааира ргеит, ҩ-хәмаррак  еиҭахарала инҵәеит, ҧшьынтә иаҵахеит.