Қырҭтәыла ахада Украина даҭааит
Қырҭтәыла ахада Украина даҭааит

Рашәара 23 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина визитла даҭааит.

Ахада ладминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аԥылара аофициалтә церемониа уаҵәы, рашәара 23 рзы мҩаԥгахоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада  Украина ахада диԥылоит. Аиԥылара ишиашоу аформати ирҭбаау аформати рыла мҩаԥгахоит.

Киев имҩаԥысуеит аиԥылара Украина Аԥыза-министр Денис Шмигали Украина амилаҭтә Рада ахантәаҩы Дмитри Разумкови рҟны.

Қырҭтәыла ахада илыцу аделегациа иалоуп ахада ладминистрациеи, азакәанԥҵаратәии анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа.