Иахьа Ахәаша ду ауп - Ақьырсианцәа Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи иргәалашәоит
Иахьа Ахәаша ду ауп - Ақьырсианцәа Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи иргәалашәоит

Иахьа Ахәаша ду ауп – Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит Мшаԥы иаԥхьанеиуа ахәаша, ари амш Қьырса игәаҟра мчыбжьы азы зегьы раасҭа ихьанҭоу мшуп. Аиашахаҵаҩцә Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи иргәалашәоит.

Ауахәамақәа рҿы Иаса аџьар икыдхара аритуал мҩаԥгахоит.

Ахәаша ҟаԥшь азы ауахәамақәа рҿы анцәаимаҵзура мҩаԥыргом, избан акәзар, Аҩырацқьа инақәыршәаны, ауаа рыгәнаҳа ахыхразы Иаса Қьырса дыҧсит цәеижьла.

Аиашахаҵаҩцәа ари аҽны акәтаҕь ҟаҧшьла иршәоит, ачахаа ҟарҵоит.