Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп иахь иаарту ашәҟәы ишьҭит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп иахь иаарту ашәҟәы ишьҭит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ЕАШ ахада Дональд Трамп иахь иаарту ашәҟәы ишьҭит.

«Қырҭтәыла аиҳабыра алидерцәа изныкымкәа ишырҳәахьаз ала, ЕАШ рҟны еизыҟазаашьақәа реиҭаҿыцреи атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра адаҟьа цқьала аиҭалагара Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикаҿ зегь реиҳа ихадоу априоритет ауп.

Шәадминистрациа Қырҭтәыла иахәҭоу ахшыҩзышьҭра азаанарԥшуам, ари хьаас иҳамоуп, избан акәзар, иаҳзеиԥшу ахәынаӡарақәа рфон аҿы, ақырҭуа уаажәлар ари уамашәа ибоит. Иахьа шәадминистрациа амш аусхәаԥштә иалоу азҵаара хадақәа Қырҭтәыла анапхгаратә гәыԥ хаҭарнакцәа кыршықәса раԥхьа рыхцәажәон. Аха, иазааигәоу ҳдунеихәаԥшышьа иахәамԥшыкәа, шәадминистрациа ацынхәрас, Қырҭтәыла аганахьала активра ду аанарԥшуеит «Диԥ сҭеиҭ», уи USAID-и, NED-и  уҳәа егьырҭ еиҿкаарақәеи имҩаԥырго ртрадициатә методқәа рыла, Қырҭтәыла адестабилизациа алагареи аҭынчра аилагареи аҭахуп.

Шәпрезидентраан шәара ҳгәыл-тәылақәа рҟны аимадара ӷәӷәақәа рыбжьаҵара шәылгеит, аха, ари афон аҿы, шәадминистрациа Қырҭтәыла аганахьала акгьы ҟанаҵом. Ари, ишысҳәаз еиԥш, ақырҭуа уаажәлар уабашәа ирбоит.

Қырҭтәыла иазкны шәадминистрациа амоу азнеишьа аԥсахып ҳәа сгәыӷуеит.

Сара, Қырҭтәыла ахада иаҳасабала, изласылшо ала ЕАШ рҟны еизыҟазаашьақәа реиҭаҿыцреи атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра адаҟьа цқьала аиҭалагареи срыдгылар, срыцхраар сазыхиоуп”, – иануп Қырҭтәыла ахада иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.