Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили 70-ҩык ашьауҕа рхихит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили 70-ҩык ашьауҕа рхихит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Светицховлоба амшныҳәа инамаданы,  70-ҩык ашьауҕа рхихит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла ахада ипрессмаҵзура аҟынтә.

Қырҭтәыла ахада ипрессмаҵзура адыррақәа рыла,  ашьауҕа рықәхуп аҭакрадатә азыӡба змаз 42-ҩыки,  абахҭа иҭакыз 24-ҩыки, иара убас, ԥшьҩык рыӡбамҭа рықәырхит.

„Қырҭтәыла ахада, иара Аконституциала ианашьоу аексклиузивтә азинмчы ихы иаирхәоит агуманизм апринципи аҳәынҭқарратә интересқәеи иазыҧхьагәаҭаны“, – иануп атәыла ахада ипрессмаҵзура аинформациаҿы.