Қырҭтәыла ахада Леван Гачечилаӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Қырҭтәыла ахада Леван Гачечилаӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Леван Гачечилаӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.

Михаил Ҟавелашвили иажәақәа рыла, Леван Гачечилаӡе итәылауаҩратә ҭакԥхықәреи, иԥсадгьыл абзиабареи, имилаҭтә хәынаӡарақәа рыхьчареи рыла дҿырԥшыган.

“Ақырҭуа политик, абизнесмен Леван Гачечилаӡе иԥсҭазаара далҵра даара сгәы иалсуит. Леван Гачечилаӡе Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи аҭоурых аҿы иналукааша ауаа дыруаӡәкын. Леван Гачечилаӡе итәылауаҩратә ҭакԥхықәреи, иԥсадгьыл абзиабареи, имилаҭтә хәынаӡарақәа рыхьчареи ҿрыла дҿырԥшыган. Иҭаацәа, иҭынхацәа, иуацәа  срыдышшылоит”, – иазгәеиҭеит Михаил Ҟавелашвили.