Қырҭтәыла ахада иадминистрациа  - 23 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьразы ахара зду ауаҩы атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иамнистиа  абзоурала абахҭа дҭыҵызшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Қырҭтәыла ахада иадминистрациа  - 23 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьразы ахара зду ауаҩы атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иамнистиа  абзоурала абахҭа дҭыҵызшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

23 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьразы ахара зду ауаҩы атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иамнистиа абзоурала абахҭа дҭыҵызшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, — иануп Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аҳәамҭаҿы.

«Ателееилахәыра  «Пирвели» иаланарҵәаз адезинформациа иазкны аҳәамҭа ҟаҳҵар ҳҭахуп. 23 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьразы ахара зду Гьаргь Папашвили, Михаил Ҟавелашвили иамнистиа абзоурала абахҭа дҭыҵызшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Ари адезинформациа атәыла ахада идискридитациа амзызла ажәлар ржьара иазкуп.

Зыӡбахәы ҳәоу ателееилахәырахь ааҧхьара ҟаҳҵоит имцырку аинформациа аладмырҵәарц», — иануп адырраҿы.