Қырҭтәыла ахада Европарламент Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылан, алхраҧхьатәи аамҭазы аҭагылазаашьа далацәажәеит
Қырҭтәыла ахада Европарламент Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылан, алхраҧхьатәи аамҭазы аҭагылазаашьа далацәажәеит

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аусуратә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Европарламент Анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧгаз аиҧылараан, аганқәа рхаҭарнакцәа алхрақәа раҧхьа имҩаҧысуа апроцессқәеи, уажәазы атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, аполитикатә лагылазаара аполиаризациеи, уи аҭыҧқәҵаразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит.  Аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла ахада линститут ароль.

Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, аполитикатә лагылазаара аполиаризациа  атәылаҿы уажәгьы зҭыҧ иқәҵатәу проблемас иаанхоит, атәыла ахада, раҧхьатәи амш инаркны, аполиаризациа аиҵатәразы  илылшо зегьы ҟалҵоит, алхрақәа рышьҭахьгьы  лусураҿы  ари азҵаара аҧыжәара амазаауеит.

Атәыла ахада ишылҳәаз ала,  ампыҵахалара, апандемиа, авакцинациа, Амшын еиқәа  арегионалтә шәарҭадара уҳәа, абарҭ зҵакы дуу азҵаарақәа зегьы аполиаризациа амшала хшыҩзышьҭра рымамкәа иаанхеит. Алхрақәа рышьҭахь атәыла активла инанагӡароуп европатәи евроатлантикатәи интеграциеи аҳәынҭқарратә институтқәа рырҕәҕәареи  апроцесс .

Саломе Зурабишвили Европарламент аделегациа алахәылацәа  аинформациа наӡа рызцәырылгеит  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьа иазкны, лара ҷыдала дазааҭгылеит агәабзиарахьчаратә сервисқәеи авакцинациеи ахархәара алшара аҧкреи аиҭаҵра ахақәиҭра аилагареи афактқәа.

Атәыла ахада лажәақәа рыла, жәларбжьаратәи ауаажәларра, аҩаӡарақәа зегьы рҟны, Қырҭтәыла арегионқәа рымпыҵахалара азҵаара  активла иалацәажәароуп.