Қырҭтәыла ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа ранаишьеит
Қырҭтәыла ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа ранаишьеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи еицыҟарҵаз адгалара шьаҭас аҭаны, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-полковник Вахтанг Гомелаурии аполициа егьырҭ ачынуааи Аҳаҭыртә орденқәа ранаишьеит.

Аҳамҭатәра ацеремониа ахада ихан аҟны мҩаԥган.

Михаил Ҟавелашвили аполициа аусуҩ цыԥхьаӡа атәыла ахьчараҿ алагала ду азы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Қырҭтәыла Аҳаҭыртә орденқәа ранашьан: Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аполициа аинрал-маиор Шьалуа Бедоиӡе, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполица аинрал-маиор Иосеб Ҷелиӡе, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполициа аполковник Гьаргь Буҭхузи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, аполициа аполковник Александре Дарахвелиӡе, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азкра ҷыдақәа рдепартамент адиректор, аполициа аполковник Звиад Харазишвили, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ аполициа адепартамент адиректор, аполициа аполковник Сулхан Ҭамазашвили, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ апатрультә полициа адепартамент адиректор,  аполица аполковник Важа Сираӡе, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Ацентртә криминалтә полициа адепартамент адиректор, аполица аполковник  Ҭеимураз Купатаӡе, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азкра ҷыдақәа рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ, аполициа аполковник Милери Лагазаури, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азкра ҷыдақәа рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ, аполициа аполковник Мирза Кезеваӡе.