Қырҭтәыла ахада апарламент изамҭаным асессиа амҩаԥгара инапы аҵаиҩит
Қырҭтәыла ахада апарламент изамҭаным асессиа амҩаԥгара инапы аҵаиҩит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла Аконституциа 44-тәи ахәҭаҷ 2-тәи апункт (Қырҭтәыла Ахада, Апарламент Ахантәаҩы иӡбамҭала, ԥшьынтә хәҭак алахәылацәеи, мамзаргьы Аиҳабыреи алархәны асессиақәа рыбжьара изаамҭаным асессиа мҩаԥигоит, изаамҭаным асессиа аҩныҵҟа – изаамҭаным аилатәара. 48 сааҭ рыҩныҵҟа асессиа амҩаԥгаразы акт ҭыжьны ианыҟамла, Апарламент анаҩстәи 48 сааҭ рышьҭахь асессиа амҩаԥгара аҽазнакуеит Арегламент инақәыршәаны. Изаамҭаным аилатәара иалагоит иагьымҩаԥысуеит уи амшхәаԥштә инақәыршәаны, аиҿкааҩ иӡбамҭа амшхәаԥштә ала) инақәыршәаны, ԥхынгәы 1 азы апарламент изамҭаным асессиа амҩаԥгара инапы аҵаиҩит.

Ари атәы аанацҳаит ахада иадминистрациа.