Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит
Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит

Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит. Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари аинформациа аланарҵәеит асоциалтә аҳақәа рҿы.

«Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  иахьа Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит. Ҳара еилыкка иаҳҳәеит  Қарҭ иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иганахьала Қырҭтәыла аиҳабыра иқәдыргыло иҵаҵгәыркым ахарадҵарақәеи агрессиатә риторикеи рҵыхәа шыҧҵәатәу», — иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.