Қырҭтәыла авакцина ҟарҵахьеит 4 152ҩык амедицинатә усзуҩцәа, ашәҟәы иҭагалоуп 75 шықәса еиҳаны изхыҵуа 371ҩык
Қырҭтәыла авакцина ҟарҵахьеит 4 152ҩык амедицинатә усзуҩцәа, ашәҟәы иҭагалоуп 75 шықәса еиҳаны изхыҵуа 371ҩык
«Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авакцина ҟарҵахьеит 4 152ҩык амедицинатә усзуҩцәа, ашәҟәы иҭагалоуп 75 шықәса еиҳаны изхыҵуа 371ҩык», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе. Иара иажәақәа рыла, ауааҧсыра реиҳара авакцина ҟарымҵар, аепидемиа нагӡахоит.
«Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара асоциологиатә ҭҵаарақәа мҩаҧыргоит. Ауааҧсыра рҟынтә 20% иааҧҵәаны ирҳәеит авакцина шыҟарымҵо, 29% наӡына авакцина шыҟаҵатәу иазхарҵеит, егьырҭ рызынтәгьы агәыҩбара рымоуп. Иахьа ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп авакцина хымҧада ишыҟаҵатәу. Авакцина ҟазҵаз ауааҧсыра, авирус ҿыркааргьы, рҭагылазаашьа еицәахом, ҩынтә алаҵа ҟазҵо ауааҧсыра рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылом, убри аҟынтә, ауааҧсыра реиҳара хымҧада авакцина ҟарҵароуп», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.