Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициа Аҟәара ахьчара аҟәша аусзуҩцәа Америка Африкатә напхгара еиҿыркааз жәларбжьаратәи амшынтә азыҟаҵарақәа ирылахәын
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициа Аҟәара ахьчара аҟәша аусзуҩцәа Америка Африкатә напхгара еиҿыркааз жәларбжьаратәи амшынтә азыҟаҵарақәа ирылахәын

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициа Аҟәара ахьчара аҟәша аусзуҩцәа Америка Африкатә напхгара еиҿыркааз жәларбжьаратәи амшынтә азыҟаҵарақәа ирылахәын.

Ҧшьымш инагӡоз азыҟаҵарақәа Тунис имҩаҧган.

«Жәларбжьаратәи амшынтә азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман Америкеи, африкатә партниорцәеи, аидгылаҩцәеи рмшынтәи рзинтәи мчқәа рҟны ашьашәалазаара аизырҳара. Азыҟаҵарақәа раан хшыҩзышьҭра ҷыда рызун НАТО апроцедурақәеи, атерминологиеи, амшынтә шәарҭадара аганахьала анапхгараҭара амодели.

Жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа ирылахәын 12 ҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа», — иануп аинформациаҿы.