Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр азербаиџьантәи иколлега диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан дыҟоуп. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, Бақәа ақырҭуа министр азербаиџьантәи иколлега, аинрал-полковник Закир Гасанов диҧылеит.

«Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр аинрал-полковник  Закир Гасанов ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҧылараан аминистрцәа арегионалтә шәарҭадареи ари аганахьала адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-ганктәии аганрацәалатәи жәларбжьаратәи аусеицура арҕәҕәара ахымҧадара.  Лымкаала, аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазааҭгылеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа рҿы азербаиџьартәи аруаа рылахәызаара аҵаки арратә аҵара аусхкы аҿы аусеицура арҭбаареи.

Анеҩс,  Джуаншер Бурҷуладзеи  аинрал-полковник Закир Гасанови 2022 шықәсазы ҩ-ганктәи арратә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит», — иануп Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.