Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Америка аделегациа идикылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Америка аделегациа идикылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Европа иҟоу Америка арратә напхгареи Америка Аҳәынҭқарратә департаменти аделегациа идикылеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Амиссиа ахада ихаҭыҧуаҩ Адам Стерлинги, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Филипп Рикери, Минсктәи агәыҧ аицхантәаҩы Ендриу Шофери, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, аделегациа егьырҭ алахәылацәеи.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, аминистр, Қырҭтәыла астратегиатә партниор хада – Америка аҭабура азааирҧшит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциеи аҿы Қырҭтәыла иахьадгыло азыҳәан.

Аусбарҭа адырра ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Амшын еиқәа арегиони Аахыҵ Кавкази рҿы ашәарҭадара азҵаареи, ҩ-ганктәи астратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апрограммақәеи ирылацәажәеит.