Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр рашәара  15-16 рзы имҩаҧысуа НАТО атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧыларашҟа ааҧхьара  иоуит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр рашәара  15-16 рзы имҩаҧысуа НАТО атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧыларашҟа ааҧхьара  иоуит

Аҩадаатлантикатә хеилак атәылахьчара аминистрцәа реилатәара Бриуссель имҩаҧысуеит рашәара  15-16 рзы. Аилатәара анапхгара азиуеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Алианс аофициалтә саит адыррала, аиҧыларашҟа ааҧхьара роуит Қырҭтәылеи, Украинеи, Финлиандиеи, Швециеи рхаҭарнакцәагьы.

НАТО аинформациа ианақәыршәаны, аиҧылара аадыртуеит рашәара 15  рзы, аусуратә уаххьала. АИХ ахаҭарнакцәа аиҧыларашҟа инарышьҭуам.

Рашәара 16 рзы аидгылаҩцәа рҟны 2 еиҧыларак мҩаҧысуеит. Иара убас, Украина аимадаратә гәыҧ рҟны ихьыҧшым аиҧылара мҩаҧгахоит.