Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр естониатәи иколлега дидикылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр естониатәи иколлега дидикылеит

Естониа атәылахьчара аминистр  Калле Лаанет аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит.   Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы естониатәи аколлега дидикылеит атәылахьчара аминистр  Джуаншер Бурҷуладзе.

«Апартниорреи, агәреибагареи, патуеиқәҵареи рышьаҭала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа аҵакы ду рымоуп арегион ашәарҭадареи, ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәеи, атәылахьчаратә мчқәа рҿиареи азыҳәан», — иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбааразы еиқәшаҳаҭхеит.