Қырҭтәыла аҿартә аизга Европа ачемпионат аанартуеит Португалиаҟны аматч ала  –  ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT
Қырҭтәыла аҿартә аизга Европа ачемпионат аанартуеит Португалиаҟны аматч ала  –  ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT

Иахьа Қырҭтәылеи Румынтәылеи иалагоит Европа аҿартә чемпионат.  Қырҭтәылеи Португалиеи рыбжьара раҧхьатәи агәыҧтә еиҧылара мҩаҧысуеит рашәара 21 асааҭ  20:00 рзы, астадион  «Динамо Арена» аҿы.  Ишиашо ицо арепортаж жәбар әшылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Қырҭтәылеи Румынтәылеи Европа аҿартә чемпионат мҩаҧысуеит рашәара  21 инаркны ҧхынгәы  8-нӡа. Аматчқәа мҩаҧысуеит Қарҭи, Қәҭешьи, Баҭыми. Ҧхынгәы  8 рзы Баҭым имҩаҧысуеита чемпионат афиналтә матч.

Абилеҭәа раахәара ҟалоит асаит ҷыда  under21tickets.ge. аҿы.

Аматчқәа реихшанҵа

Рашәара 21, 20:00 | Қырҭтәыла  — Португалиа

Рашәара 24, 20:00| Қырҭтәыла — Бельгиа

Рашәара 27, 20:00| Қырҭтәыла  — Нидерланды