Европатәи АИХқәа Қырҭтәыла аҿартә еизга ақәҿиара иалацәажәоит  -  Давиҭашвили иҭаиршәыз ампыл атурнир аҭоурыхаҿ наӡаӡа иаанхоит  #1TVSPORT
Европатәи АИХқәа Қырҭтәыла аҿартә еизга ақәҿиара иалацәажәоит  -  Давиҭашвили иҭаиршәыз ампыл атурнир аҭоурыхаҿ наӡаӡа иаанхоит  #1TVSPORT

Аҳәаанырцәтәи АИХқәа, рыхшыҩ азышьҭны,  Европа аҿартә чемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга ақәҿиара  иацклаҧшуеит.

 

Daily Mail (Англиа) —  Қырҭтәыла ахатә гәахәтәы анагӡара иаҿуп, адебиутант агәыҧаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит.

«2023 шықәсанӡа Қырҭтәыла аҿартә еизга Европа ачемпионат афиналаҿ ахаангьы имхәмарыцызт. Уажәтәи ачемпионат адебиутант агәыҧҭ етап хыркәнашеит актәи аҭыҧала, дара аҭоурыхтә ҵакы змоу алҵшәа рымоуп.  Аҵыхәтәантәи атураҿ  ақырҭуаа Нидерланды аизга иацхәмаруан. Зурико Давиҭашвили иҭаиршәыз ампыл абзоурала, Қырҭтәыла аизга афинал ашьбаракахь ииасит».

Futboliza Mundo (Испаниа) –  Қырҭтәыла агәыҧаҿ актәи аҭыҧ ааннакылеит

«Зурико Давиҭашвили  нидерландаа ампыл ссир рызҭаиршәеит. Қырҭтәыла агәыҧаҿ актәи аҭыҧ ааннакылеит.  Давиҭашвили данырыҧсах,  трибунаҿ зеиҧшҟамлац анапеинҟьара иҟан.

beinsports.com (Франциа) – Қырҭтәыла афинал аҧшьбаракахь ииасит

«Зурико Давиҭашвили нидерландаа ампыл ссир рызҭаиршәеит. Ақырҭуа ашьапылампыласҩы хәҩык ахьчаҩцәа дрылсны иҭаиршәыз ампыл ссир ала икоманда ақәҿиара ду азааигеит. Қырҭтәыла афинал аҧшьбаракахь аиасра ахәҭан.

Weszlo (Польша) – Давиҭашвили Месси истиль ала ампыл ҭаиршәеит

«Зурико Давиҭашвили  Месси истиль еиҧшу адриблинг ҳирбеит. 22 шықәса зхыҵуа ақырҭуа ахәмарҩы Европа аҿартә чемпионатаҿ зегьы реиҳа иҧшӡоу ампыл ҭаиршәеит, уи ари атурнир аҭоурахаҿ наӡаӡа иаанхоит. Давиҭашвили иҭаиршәыз ампыл абзоурала, Қырҭтәыла аизга афинал аҧшьбаракахь ииасит.