Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧашҟа инеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧашҟа инеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иӡбара инақәыршәаны, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи  аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧашҟа инеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистррра адыррала, ақырҭуа дипломатцәа аҭыҧантәи анапхгареи Қырҭтәыла атәылауааи ирҧыланы, цхыраарас ирҭаху еилыркаауеит.

Иара убас, ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аус зуа ақырҭуа аиқәырхаҩцәагьы ирҧылоит.