Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Николоз Лалиашвили Венгриа ахада Тамаш Шуиоку агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Николоз Лалиашвили Венгриа ахада Тамаш Шуиоку агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адырра ишану ала, Шандор ихан аҟны имҩаԥгаз ацеремониа ашьҭахь Венгриа ахадеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит.
Венгриа ахада Тамаш Шуиоку иаҵшьны иазгәеиҭеит Венгриа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.