Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҟурашвили Франциа ахада Еммануель Макрон Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҟурашвили, Елисеитәи аханаҿ, Франциа ахада Еммануел Макрон Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адырра ишану ала, ацеремониа ашьҭахь Франциа ахадеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит.
„Еманнуель Макрон иаҵшьны иазгәеиҭеит Франциа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, ишадгыло. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла агеостратегиатә роли Амшын еиқәа арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аҵаки. Иракли Ҟурашвили, Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡала ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Франциаҟны апартниорра арҕәҕәара ишазыхиоу. Франциа ахада Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ақәҿаиарақәа изеиҕьеишьеит“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.