Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Болгариа ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Хамашуриӡе Болгариа ахада Румен Радев агәраргагатә шәҟәы ииҭеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адырра ишану ала, ацеремониа ашьҭахь Болгариа ахадеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит.
“Аиԥылараҿ аганқәа Болгариаеи Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура адинамикеи иашьҭанеиуа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылеит арегион аҟны иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.