Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Австралиатәи абизнес-саммит алахәылацәа атәыла аинвестициатә потенциал рыдигалеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Австралиатәи абизнес-саммит алахәылацәа атәыла аинвестициатә потенциал рыдигалеит

Австралиатәи Аидгылаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Беқа Двали Сиднеи имҩаҧысуа Австралиатәи абизнес-саммит алахәылацәа атәыла аинвестициатә потенциал рыдигалеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аекономикатә аҿиара атенденциақәеи, аинвестициатәи ахәаахәҭратәи потенциали дрылацәажәеит.

«Аусмҩаҧгатә аҿы Австралиатәи абизнес-саммит есышықәсатәи ажурнал аҭыжьра ҿыц аӡыргара мҩаҧган, ари ажурналаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ истатиа  «Georgia – The Hub For Doing Business» кьыҧхьуп.

Астатиаҿы Қырҭтәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика априоритетқәеи, аперспектива змоу аекономикатә секторқәеи,  Австралиеи Қырҭтәылеи реимадарақәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи иарбоуп», — иануп аинформациаҿы.