Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа абжьагарақәа рнаҭоит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа абжьагарақәа рнаҭоит

Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа рзы аинформациа аланарҵәоит.

Аинформациа ишану ала, ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьоуп, убри аҟынтә, ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла атәылауаа рхы шымҩаҧыргаша иазкны абжьагарақәа рнаҭоит.

«Асирена абжьы аншәаҳалак, аҭыҧантәи анапхгара рҳәатәы шәазыӡырҩны, зыҧшра ҟамҵакәа ахыҵакырҭа шәашьҭал.

Ахыбра аҩныҵҟа шәыҟазар,  –  ҷыдала ихьчоу азона/ахыҵакырҭа шәыҩналаны, ашәқәеи аҧенџьырқәеи шәыркыроуп;

Адәахьы шәыҟазар, ааигәа ахыҵакырҭа иҟамзар, ҿыҵха шәышьҭаланы, шәнапқәа шәхы иақәышәҵа;

Амашьына шәақәтәазар  —  шәаангыланы, амашьына шәҭыҵны, ааигәа иҟоу ахыбра ма ахыҵакырҭа шәыҩнал, ма ҿыцха шәышьҭаланы, шәнапқәа шәхы иақәышәҵа;

Ахыбра аҩналарҭа ма акорридорқәа рҿы агылара ҟалом;

Асирена ашьҭахь  10 минуҭ рнеҩс, уаҳа абжьагарақәа ҟамлар, ахыбра шәҭыҵыр шәылшоит;

Икаҳаз аракета ма даҽа обиектк ааигәара анеира ҟалом.

Атуристтә мзызқәа рыла Израиль иаҭааиз ауаа асасааирҭақәа ирҭымҵроуп.

Аҭыҧантәи АИХқәа ринформациа шәацклаҧшла.

Ашәарҭадара азҵаарақәа рзы аинформациа ҿыц жәбар шәылшоит ацҳаражәҳәарҭа авеб-саити  Facebook адаҟьеи рҿы: https://israel.mfa.gov.ge/ https://www.facebook.com/GeorgiainIsrael?locale=ka_GE

Иаҭаххар, Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа шәадҵаалар шәылшоит абарҭ аномерқәа рыла:

+972 526 919092; Ацәаҳәа ҷыда  24/7

+972 3 609 3206», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.