Қырҭтәыла ашколқәа рҿы украинатәи ахәыҷқәа рыдкылара иалагеит
Қырҭтәыла ашколқәа рҿы украинатәи ахәыҷқәа рыдкылара иалагеит

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахәыҷқәа  ирмариоу арежимла  ашколқәа рҭаҵара апроцесс еиқәнаршәоит. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Қарҭи арегионқәеи рҿы ашкол аҭаларазы аҭахра аадырҧшит  72ҩык ашколхәыҷқәа рҭаацәа, урҭ рҟынтә 38ҩык ашколқәа рахь ирыдыркылахьеит.

Украина иалҵыз ахәыҷқәа апрофессионалтә аҧсихосоциалтә цхыраарагьы роуеит.

Украина иалҵыз ахәыҷқәа Қырҭтәыла зехьынџьара, дара ирҭаху абызшәала аҵара рҵар рылшоит.

Қырҭтәыла аҵара анагӡара зҭаху украинатәи ахәыҷқәа рҭаацәа дара ирҭаху ашкол арзаҳал арҭар рылшоит.