Агәабзиарахьчара ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа украинатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟынтәи қырҭтәылатәи аҵараиурҭақәа рахь ииасыр рылшоит ирццаку арежимла, амобилра апрограммала
Агәабзиарахьчара ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа украинатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟынтәи қырҭтәылатәи аҵараиурҭақәа рахь ииасыр рылшоит ирццаку арежимла, амобилра апрограммала

«Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҽалархәреи,  аиҳабыра рыдгылареи, Қырҭтәыла иҟоу  Израиль ацҳаражәҳәарҭа абжьацәажәареи ала,  Израиль иатәылауаау,  агәабзиарахьчара ахырхарҭала Украина аҵара зҵоз астудентцәа, Қырҭтәыла аҵара нарыгӡар рҭахызар, украинатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟынтәи қырҭтәылатәи аҵараиурҭақәа рахь ииасыр рылшоит ирццаку арежимла, амобилра апрограммала», — иануп Қырҭтәыла аҵара аминистрра адырраҿы.

Аусбарҭа аинформациа инақәыршәаны, аминистрра атәым студентцәа ирыднагалоит   Амедицинатә аҵара адунеизегьтәи федерациа (WFME) ала иазхаҵоу, англыз бызшәала имҩаҧысуа амедицинатә программақәеи, афармациеи астоматологиеи рзы апрограммақәеи, урҭгьы англыз бызшәала имҩаҧысуеит.

«Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра ацәаҳәа ҷыдала: (995 32) 2 200 220», — иануп аинформациаҿы.