Қырҭтәыла арадио 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы, Қырҭтәыла амилаҭтә банк иҭнажьуеит аколлекциатә монета
Қырҭтәыла арадио 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы, Қырҭтәыла амилаҭтә банк иҭнажьуеит аколлекциатә монета.
“Шәышықәса раҧхьа, 1925 шықәсазы Қырҭтәыла раҧхьатәи адырраҭара аефирахь иҭыҵит. Арадио ауникалтә архив — „Ахьтәы фонд“ амоуп.
Арҭ анҵамҭақәа аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Қырҭтәыла арадио Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа раҧхьатәи аелектронтә медиахархәагоуп.
Иаауа ашықәс азы Қырҭтәыла арадио 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы, Қырҭтәыла амилаҭтә банк иҭнажьуеит аколлекциатә монета”, – иануп аинформациа аҿы.