Қырҭтәыла апрокуратура украинатәи ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара дәықәырҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура, Украина аҵакырадгьыл аҿы аибашьра амшала азарал зауз  украинатәи ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара дәықәырҵеит, — ари атәы аанацҳаит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, апрокуратура аусзуҩцәа агуманитартә аидара еизыргон украинатәи аган рҟны аконсультациақәа рышьҭахь.

Қырҭтәыла апрокуратура Украина ауааҧсыра рыцхрааразы ҳаҧхьаҟагьы агуманитартә акциа иалахәхәоит», — иануп аинформациаҿы.