Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Анталиа имҩаҧысуа адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылеит. Анталиатәи адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылараҿ аганқәа ҩтәылак ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҩаӡара ҳараки еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы иқәҿиароу аусеицуреи рыхцәажәеит, – аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Аҧыза-министр ахада Ердоҕан афорумахь ааҧхьаразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала,  ари афорум еиуеиҧшым азҵаарақәа ирыдҳәаланы алидерцәа ргәаанагарақәа реиҭныҧсахларазы зҵакы дуу платформас ишьақәгылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа азеиҧш економикатә комитет аусура аиҭашьақәыргылара аҵакы азгәаҭаны, ишырҳәаз еиҧш, хара имгакәа анеҩстәи аилатәара амҩаҧгара иазыхиоуп. Ишазгәаҭаз ала, Ҭырқәтәыла Қырҭтәылазы идуӡӡоу ахәаахәҭратә партниоруп, 2025 шықәсазы ҩ-анктәи ахәаахәҭратә еикәшара 5 миллиард адоллар аҟынӡа ишьҭыҵып ҳәа игәыҕуеит.   

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Ааигәатә Мрагылараҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара аҵакы ҷыдеи. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, агәреибагара аиҭашьақәыргылареи арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылареи еиқәзыршәаша адиалог ацхраара иазыхиоуп. 

Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аҧыза-министр Реџьеп Таип Ердоӷан аԥшәымаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәан, Қырҭтәылашҟа аофициалтә визитла дааиԥхьеит.