Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аӡынтәи асессиа рхы аладырхәоит
Апарламент ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Каха Кучава анапхгара ззиуа Қырҭтәыла апарламенттә делегациа ажьырныҳәа 25-29 рзы, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аӡынтәи асессиа рхы аладырхәоит.
Апарламент апрессмаҵзура адыррақәа рыла, аилатәараҿы иалацәажәоит аглобалтә пандемиеи акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациеи. Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Гебреусус.
«Абри авизит ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, избанзар Қырҭтәыла иазку азҵаарақәа рацәоуп. Асессиа аусура активла ҳхы алаҳархәоит. Раҧхьатәи амш аҽныҵәҟьа ицәырырго адокументқәа иреиуп 2020 шықәсатәи алхрақәа ирызкны Европа Ахеилак Анаҧшцәа Рмиссиа аҳасабырба», — иҳәеит Каха Кучава.