Қырҭтәыла апарламенттә делегациа ареспублика Кот-д'Ивуар Амилаҭтә аизара ахантәаҩы иҧылеит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа ареспублика Кот-д’Ивуар Амилаҭтә аизара ахантәаҩы Адамо Биктого иҧылеит.
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Кот-д’Ивуар ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара адгыларазы, анеҩс, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьа далацәажәеит.
Шьалуа Папуашвили адемократиатәи аекономикатәи ганахьала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Кот-д’Ивуар иҟалаз аиҭакрақәа азгәаҭаны, Амилаҭтә аизара хантәаҩы ареформақәа рымҩаҧгараҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылара мҩаҧган Руанда имҩаҧысуа Апарламентбжьаратә еидгыла 145-тәи Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.