Қырҭтәыла апарламент ааԥынтәи асессиа жәабран 1 азы аартхоит
Қырҭтәыла апарламент ааԥынтәи асессиа жәабран 1 азы аартхоит

Қырҭтәыла апарламент аусзурааофициалла иаауа амчыбжьазыеиҭалагоит. Ааԥынтәи асессиа жәабран 1 азы апленартә аилатәарала аартхоит. Апленартә аилатәара аполитикатә дебатқәа рыла иалагоит.

Ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, раԥхьаӡатәи аӡбара рыдыркылоит Ацентртә алхратә  комиссиа ахантәаҩы изкны. Ацентртә алхратә  комиссиа ахантәаҩразы иқәдыргылеит уажәтәи ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии Ҭенгиз Ҭевзаӡеи ркандидатурақәа.

Ари ада, ааԥынтәи асессиаҿ, азакәанԥҵаратә аиҿкаара аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, Жәлар рыхьчаҩи, Амилаҭтә банки, аҳәынҭқарратә аудит амаҵзуреи есышықәсатәи аҳасабырбақәа ирзыӡырҩуеит. Иара убас, апарламент аҿы аҳасабырба цәыригароуп аԥыза-министр.

Ааԥынтәи асессиаҿ, азакәанԥҵаратә аиҿкаара аконституциатә ԥсахрақәа ирызку аӡбара аднакылароуп. Аконституциатә  проект актәи ааԥхьарала рыдыркылахьеит, уи ала, алхратә бариер 5% рҟынтә 2%-нӡа маҷхеит, алхрақәа апропорциатә системала мҩаԥгахароуп.

Аҩбатәи аԥхьаранӡа апланҵәа ирылоуп аконституциатә ԥсахрақәа рырҽеира.

Арегламент ала, ааԥынтәи асессиа рашәара анҵәамҭазы ихыркәшоит..