Қырҭтәыла аоперациа ҷыдақәа рымчқәеи америкатәи аруааи азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит
Қырҭтәыла аоперациа ҷыдақәа рымчқәеи америкатәи аруааи азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит

Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа аоперациа ҷыдақәа мраҭашәратә баталион амшынтә азкра ҷыдақәа ргәыԥқәеи, Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи рминистрра арратә полициа аҟәарахьчаратә гәыԥ ҷыдеи, Америка амшынтә азкра ҷыдақәа ргәыԥи аиҭныԥсахларатә зыҟаҵарақәа  (JCET) еицымҩаԥыргеит.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, азыҟаҵарақәа ирылахәыз арратә маҵзуҩцәа апрактикатә ҽаршьцыларақәа рыман.