Қырҭтәыла Амилаҭтә банк арефинансыркра азыҧҵәа еиҵнатәит 10,5%-нӡа
2023 шықәса лаҵара 10 рзы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика акомитет аӡбара аднакылеит арефинансыркра азыҧҵәа 0,5%-ла аиҵатәразы. Уажәшьҭарнахыс арефинансыркра азыҧҵәа 10,50% иаҟароуп.
«Қырҭтәыла аинфлиациа амаҷхара иаҿуп, сынтәа мшаҧы азы азеиҧш инфлиациа 2,7%-нӡа имаҷхеит, абазатә инфлиациа — 4,7%-нӡа. Аинфлиациа амаҷхара аимпорттә аалыҵ азы ахәқәа рмаҷхара иабзоуроуп. 2022 шықәса инаркны жәларбжьаратәи атауартә џьармыкьақәа рҿы ахәқәа амаҷхара иаҿуп, жәларбжьаратәи амҩангара ахәгьы апандемианӡатәи арбага иазааигәахеит. Абарҭ апроцессқәа аҭыҧантәи аџьармыкьагьы ианыҧшуеит. Жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рҟынтә аинфлиациатә ақәыҕәҕәара амаҷхара иаҿуп, аҭыҧантәи аинфлиациагьы хәыҷы-хәыҷла имаҷхоит, ари атенденциа ашықәс анҵәамҭанӡа инагӡахар ҟалап», — иҳәеит Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Арчил Мествиришвили.
Мествиришвили иажәақәа рыла, Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭа инақәырәшаны, сынтәа Қырҭтәыла аекономикатә азҳара арбага 5% иаҟарахоит. Убри аҟынтә, ахәқәа рзы ақәыҕәҕәара ҟамлап ҳәа игәыҕуеит.
Амонетатә политика акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит 2023 шықәса рашәара 21 рзы.