Қырҭтәыла Актәи аканал  - "Ҳара Украиназы"
Қырҭтәыла Актәи аканал  - "Ҳара Украиназы"

Қырҭтәыла Актәи аканал,  Аџьар Ҟаҧшь ацхыраарала,  аукраин жәлари Украина Ауаажәларратә дырраҭареи рыдгылара амзызла имҩаҧнагоит   агәыҳалалратә марафон  — «Ҳара Украиназы». Амарафон мҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аиҿкаара «Каритас» адгылара ала. Хәажәкыра 1 азы имҩаҧысуа амарафон рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху ауааҧсыра зегьы,  SMS ала,  мамзаргьы абанктә аҧаратә аиагарала.

Абанктә аԥхьаӡара: GE84BG0000000533473787GEL

Аҭел аномер: 16 222  – ахә 1 лари

Амарафон аан еизго аԥара “Украинатәи Аџьар Ҟаԥшь” аиҿкаара арҭоит.

«Актәи аканал аҿы агәыҳалалратә марафон мҩаҧысуеит хәажәкыра 1 азы. Ҳареи Украина ауаажәларратә дырраҭареи активла аус еицаауеит. Зымҩаҧгара ҳгәы иҭоу адгыларатә  акт алҵшәа ахылҵроуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Агәыҳалалратә марафон рхы аладырхәоит ақырҭуа ашәаҳәаҩцәа, амарафон аҿы инарыгӡоит Актәи аканал амузыкатә проектқәа рҟынтә акомпозициақәа.