Қырҭтәыла Актәи аканал ателеаудиториа аҭҵаара алҵшәақәа цәырнагеит.
Адыррақәа рыла, Актәи аканал ахәҭаа 2021 шықәса лаҵара ашьҭахь 10% рыла иазҳаит, 2021шықәса ԥхынҷкәын азы аҭыԥ аман 40% .
Аҭҵаара инақәыршәаны, егьырҭ ателехәаԥшрақәа еиҿҳарԥшыр, Ауаажәларратә дырраҭара агәрамгара арбага лаҟәуп, агәрагара арбага 33% иаҟароуп, абри ала Актәи аканал аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит.
Аҭҵаара мҩаԥнагеит атендер аҿы аиааира згаз еилахәыра “Сонар”.
Аҭҵаара хықәкыс аман ателеаудиториа адемографиатә структуреи, адырраҭарақәа рыхәаԥшра алассы-лассреи, ателееилахәырақәа рыгәрагареи раарԥшра.
Аҭҵаара рхы аладырхәит 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа ателехәԥшцәа.