Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иахысуа ауааҧсыра азинҷыдақәа рзышьақәдыргылар ҟалап
Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иахысуа ауааҧсыра азинҷыдақәа рзышьақәдыргылар ҟалап

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иахысуа ауааҧсыра азинҷыдақәа рзышьақәдыргылар ҟалап.

«Ишыжәдыруа ала, атәылақәа рацәа рҿы акоронавирус аҽыхьчара лаҵа ҩынтә иҟазҵаз ауааҧсыра иаарту ақәыҧшылараҿы асабрадақәа рыҟәрымгар рылшоит, аха, иарку ақәыҧшылараҿы, уезгьы асабрадақәа рҿазароуп.  Иара убас, дара акоменданттә сааҭи егьырҭ аҧкрақәеи ирыдҳәаланы азинҷыдақәа рымоуп.  Ҳара ари азҵаара аус адулара ҳаҿуп. Лаҵара 15-нӡа атәылаҿы авакциациа наӡа иахысуеит  14 000ҩык раҟара ауааҧсыра, ҳәарада, арҭ ауаа аҳәынҭқарра аҟынтә иаҳа астимули азинҷыдақәеи рымазароуп. Авакцинациа ада апандемиа ҳзаиааиуам», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.