Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟан
Сынтәа, хәажәкыра 5 рзы Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟан, – аанацҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, адипломатцәа аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилыркааит.
“Ацҳаражәҳәаҩцәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи аҭыԥантәи уаԥсыра ргуманитартә уадаҩрақәеи ирызку адыррақәа роуит. Аделегациа иалан: Бельгиатәи аҳреи, Лиуксембурги, Кипртәи ареспубликеи, Камбоџьатәи аҳреи, Таџьикистантәи ареспубликеи, Гватемалатәи ареспубликеи, Филлипинтәи ареспубликеи, Пакистан исламтәи ареспубликеи, Сомалитәи афедеративтәреспубликеи, Бурунди ареспубликеи Мали ареспубликеи рыцҳаражәҳәаҩцәа”, – иануп аинформациа аҿы.