Қырҭтәыла аизга апартниор ҿыц дрымоуп – «аџьархьыӡрацаҩцәа» аексклиузивтә формала еиқәнаршәоит аилахәыра «Макрон» #1TVSPORT
Қырҭтәыла ашьапылымпылтә федерациа апартниор ҿыц дамоуп – иахьарнахыс «аџьархьыӡрацаҩцәа» аформақәа рыла еиқәнаршәоит еицырдыруа италиатәи еилахәыра «Макрон». Аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла ашьапылампылтә федерациа ахада Леван Қобиашвилии италиатәи еилахәыра амаркетинг азы адиректор Роберто Казоларии.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Макрон» Қырҭтәыла аизгақәа зегьы аформақәа рыла еиқәнаршәоит. Аиқәшаҳаҭра 6 шықәса аҿҳәара амоуп.
«Макрон» — аспорттә амаҭәеи ашьаҵеи ҭзыжьуа италиатәи еилахәыроуп. Аилахәыра аштаб-ауада ақалақь хәыҷы Креспелано ауп иахьыҟоу.
С 2012 шықәса инаркны ари аилахәыра абарҭ аклубқәа ртехникатә спонсоруп — «Наполи», «Лацио», «Спортинг Лиссабон», «Малиорка», «Реал Бетис», «Болониа», «Сампдориа», «Реал Сосиедад», «Архентино Хуниорс», «Сток Сити», «Миунхен 1860», иара убас — Албаниеи Аладатәи Африкатә республикеи…
Ашьапылампылтә клубқәа инрываргыланы, аилахәыраҿы амҵәышәампыли, анапылампыли, амини-шьапылампыли, агандболи, арегби, абеисболи аизгақәа рзгьы аформақәа рӡахуеит.