Қырҭтәыла аихамҩа - апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара азҳара инамаданы, Қарҭ-Баҭым-Қарҭ ахырхарҭала хәажәкыра 8 инаркны мшаԥы 21-нӡа иацҵаны ареисқәа мҩаҧаагоит
Қырҭтәыла аихамҩа аӡбарала, апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара азҳара инамаданы, Қарҭ-Баҭым-Қарҭ ахырхарҭала хәажәкыра 8 инаркны мшаԥы 21-нӡа иацҵаны ареисқәа мҩаҧнагоит.
Қырҭтәыла аихамҩа аинформациа ала, Қарҭынтә Баҭымҟа ицоит асааҭ 00:30 рзы, Баҭымынтә Қарҭ аауеит асааҭ 00:45 рзы.
“Апассаџьырцәа абилеҭқәа раахәара рылшоит “Қырҭтәыла аихамҩа” авебдаҟьаҿ ticket.railway.ge, акассақәа рҿы, апартниор аилахәырақәа рвебдаҟьақәа рҿы”, – иануп аинформациа аҿы.