Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ашкол аҿы аӡбаҩцәа реизара мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ашкол аҿы аӡбаҩцәа реизара мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ашкол аҿы аӡбаҩцәа реизара мҩаҧысуеит, уаҟа актуалтә процессқәа ирылцәажәоит.

Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Николоз Марсагишвили ишиҳәаз ала, аӡбаҩцәа рықәыргылара апроцесс аанкылара ҟалом.

«Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак апарламент ашҟа акандидатцәа рсиа дәықәнаҵеит азакәан инақәыршәаны. Ҳара апроцесс аанкыланы, азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыдкылара ҳазыҧшит.  Аӡбаҩцәа рықәыргылара апроцесс аанкылатәуп ҳәа анырҳәо, сразҵаар сҭахуп, шаҟаамҭа аанкылатәуи? Кыраамҭала аанкылара иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит, аха, уи аполитикцәа роуп изыӡбаша.  Ахеилак аӡбара аиҭахәаҧшра ҟалом, ҳара апарламент ашҟа акандидатцәа рсиа дәықәаҳҵахьеит.  Шәгәаанаара еилыскаар сҭахуп, абри ауп иахьатәи ҳаизара зызку», — иҳәеит Марсагишвили.