Қырҭтәыла аиустициа аминистрра Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет аҟынтә иаҳәоит адепортациа зызу ауааҧсыра русқәа ирласӡаны ирыхәаҧшырц
Қырҭтәыла аиустициа аминистрра Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет аҟынтә иаҳәоит Урыстәылантә адепортациа зызу Қырҭәтыла атәылауаа русқәа ирласӡаны ирыхәаҧшырц. Аиустициа аминистрра иаланарцәаз аинформациа ишану ала, 2019 шықәса ажьырныҳәа 31 рзы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла иазыршәар акәын 10 миллион евро.
Аминистрра адыррақәа рыла, ари аҧара 2006 шықәса ҭагалан Урыстәылантә адепортациа ззыруз ауааҧсыра ирзыршароуп. Европатәи аӡбара ала ишьақәыргылаз хымзтәи аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла ари аҧара ахьырымшәаз амшала, Қырҭтәыла аиустициа аминистрра Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет аҟынтә иаҳәоит анеҩстәи аилатәрааҿы ари аус иадҳәаланы адебатқәа мҩаҧыргарц. Иара убас, ақырҭуа аган Урыстәылантә иаҳәоит аҧара зырымшәаз амзызқәа ирызкны аилыркаарақәа ҟарҵарц.