Қырҭтәыла аиҳабыра Украинаҟа агенераторқәа дәықәырҵоит
Қырҭтәыла аиҳабыра Украинаҟа агенераторқәа дәықәырҵоит

Қырҭтәыла аиҳабыра Украинаҟа агенераторқәа дәықәырҵоит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аҟынтәи.

Аинформациа ишану ала, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инапы зҵаиҩыз адҵа шьақәырҕәҕәан аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Адҵа инақәыршәаны, Қырҭтәыла Аенергетика аҿиара афонд,  Украинаҟа адәықәҵаразы  1 500 000  лари рыхә еиуеиҧшым агенераторқәа аанахәоит», — иануп аинформациаҿы.