Қырҭтәыла аиҳабыра Намахвантәи ГЕС аргылара апроект иадҳәаланы аӡбарақәа рыдыркылеит
Қырҭтәыла аиҳабыра Намахвантәи ГЕС аргылара апроект иадҳәаланы аӡбарақәа рыдыркылеит

Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа Намахвантәи ГЕС аргылара апроект иадҳәаланы аиҳабыра ирдыркылаз аӡбарақәа аладырҵәеит.

Лымкаала, Аҧыза-министр идҵала, Аиустициа аминистрра цқьа иҭнаҵаауеит аилахәыра  «Enka» аҟны знапы аҵаҩу аилаӡара. Иара убас,  зыӡбахәы ҳәоу аилаӡара жәларбжьаратәи апрактика иахьынӡашьашәалоу ашьақәыргыларазы, жәларбжьаратәи аиуристтә фирма кьырала иргоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рааҧхьара ала, иҳәынҭқарратәым асектор аҟны амедиациа апроцесс рхы аладырхәоит  Евроеидгыла Аенергетикатә хеилак ахаҭарнак. Жәларбжьаратәи аексперт Намахвантәи ГЕС аҧсабаратә лагылазааразы иамазар зылшо анырра ҭиҵаауеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, астанциа аргыларазы ишьақәыргылаз аморатори амч амоуп  9мза инаркны  12 мзанӡа, аекологиатәи, агеологиатәи, асеисмологиатәи аихшьаалақәа еиҭаҟарҵаанӡа.

«Уажәтәи аетап азы, аилахәыра, аҽазыҟаҵаратә инфраструктуратә усурақәа мацара мҩаҧнагоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит азҵаарақәа зегьы аҭак рыҭара амзызла, адиалог аформат аҿы апроцесс анагӡара ишазыхиоу.

Иара убас, аполициа ахаҭарнакцәа, Намахвантәи ГЕС араион аҿы аҧынгылақәа зегьы иқәыргоит, аҭыҧаҿы азинхьчаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҵартәуеит. Апротест алахәылацәа, аполициаҟны еиқәшаҳаҭны, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны, акциа амҩаҧгаразы аҭыҧ алхны, ақьала дыргылар рылшоит», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҳәамҭаҿы.