Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара иаҿагыло акампаниа рхы аладырхәоит
Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара иаҿагыло акампаниа рхы аладырхәоит

 

Аиҳабыра радминистрациа иаланарҵаз аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагыло ақәҧара аҵакы ду анаршьоит.

Аиҳабыра рықәҵарала, сынтәа ишьақәырҕәҕәан ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара  2022-2030 шықәсқәа рзтәи астратегиа, уи атәыла аинституциатә демократиеи ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи амилаҭтә системеи арҕәҕәаразы иаку ашьаҭа аҧнаҵоит.

Аҧыжәара змоу егьырҭ ахырхарҭақәа инарываргыланы, амилаҭтә стратегиаҿы арбоуп агендертә аиҟарареи аҳәса рзинқәа рырҕәҕәареи иазку азҵаарақәеи аҭаацәараҿы амчылара аҿагылара апринципқәеи.

16 мшы инагӡахо акампаниа адунеи зехьынџьара имҩаҧысуеит  1991 шықәса инаркны, абҵара  25 инаркны ҧхынҷкәын  10-нӡа.