Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә грантқәа рыҭара априоритеттә хырхарҭақәеи хықәкылатәи апрограммақәи шьақәнарӷәӷәеит
Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә грантқәа рыҭара априоритеттә хырхарҭақәеи хықәкылатәи апрограммақәи шьақәнарӷәӷәеит

Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә грантқәа рыҭара априоритеттә хырхарҭақәеи хықәкылатәи апрограммақәи шьақәнарӷәӷәеит. Адокумент инапы аҵаҩуеит аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә грант априоритеттә хырхарҭақәа роуп адемократиатә институтқәа, анапхгараҭара бзиа, ауаҩытәыҩа изинқәеи ашьаҭатәи хақәиҭрақәеи; адәныҟатәи аполитикеи Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа алалара; аекономикатә аҿиара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, аҿар; аспорт аҿиара; аџьа, агәабзиарахьчра, асоциалтә ахьчара; атәылахьчареи ашәарҭадареи; арегионтә ҿиареи аҭыԥантәи халанапхгараҭареи; аԥсабареи аԥсабаратә ресурсқәеи рыхьчара; ақыҭанхамҩа; аиуристтәи азанааҭтәи аҿиара; аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи.